• Ҭырқәтәыла инхо Лакәараа рашьа ду Станислав Лакәаба иҭахара рыбжьы ақәдыргеит
Автор: David Dasania ‒ Давид Дасаниа
Загружено: 2025-09-29
Просмотров: 144
Описание:
Ҧсыуа шәага-загала Лакәараа рыжәла хыҧхьаӡарала иагьмаҷым, аха иагьырацәам. Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурыхаҿ Лакәараа иаанрыжьыз ашьҭа ахә ушьозар, гәаҳәара дук узцәырҵуеит урҭ рыжәла хыҧхьаӡарала еизҳарцаз.
Лакәараа ирхыргаз арыцҳарақәа рацәоуп. Иҟан аамҭа Аҧсны аӷацәа Лакәараа рҭоурыхтә жәла адунеи аныхраз аҽазышәарақәа анаадырҧшуаз. Аха, Ҳазшаз Анцәа иџьшьаны, Лакәараа еиқәхеит. Урҭ ыҟоуп иахьазы Аҧсны аҩ-хәҭак рыҟны ‒ Абзыҧынгьы Абжьыуагьы, иҟоуп иара убас Ҭырқәтәылагьы.
Ҳәаанырцә иҟоу Лакәараа Лыхны ақыҭа иалҵыз роуп. Урҭ рхылҵшьҭра ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит. Ахшара ирхылҵыз Аҧснахь ирымоу агәыблыра шәашьак амам, иҵаулоуп. Сынтәа Лакәаба Шьемси иҧацәа аҩыџьагьы ‒ Егемени Еимени ‒ Аҧсны иааны иҟан. Урҭ сынтәа инаркны аҧсшәа аҵара иалагеит. Ирзеиӷьаҳшьап ақәҿиарақәа.
Ааигәа Аҧсни аҧсуа жәлари злашәаз арыцҳара ду ‒ аҵарауаҩ ду, аҳәынҭқарратә усзуҩ Станислав Зосим-иҧа Лакәаба иҭахара Ҭырқәтәыла инхо Лакәараа зегьы рацәа ргәы днархьит. Иахьа урҭ иаарышьҭит уажә шәызхәаҧшырц ишәыдызгало авидеонҵамҭа.
Повторяем попытку...
Доступные форматы для скачивания:
Скачать видео
-
Информация по загрузке: